url
stringlengths
0
2.23k
collection
stringclasses
9 values
source
stringclasses
78 values
original_code
stringclasses
16 values
text
stringlengths
32
394k
__index__
int64
0
6.02M
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уажәы, аусура ашьҭахь, ақалақь еилашуан, амашьынақәа ршыкьыбжьы уамыргыло, адгьыл ҵысуама аауҳәартә.
56,156
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ԥаса данаалоз аасҭа аҽны акыраамҭа дтәан Лаџ Патыхәраа рҿы, аха какалк анидыркы ашьҭахь, илаба аакыдхны, днықәланы дцеит.
12,113
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иҵара далганы даахьеит, иԥшра ыҟоуп, исахьа, дахьаацәыругалакгьы аказы уирԥхашьом, дуваргыланы уахьнеиуа иаашәеилаҳап, шәаашьыцыргап.
9,211
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уаҟа дгыланы дцәажәаргьы лҭахын, аха дахьгылаз адгьыл лыгәон аус ахь.
44,963
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ааи, ибгәалашәозароуп, усҟан аабаҟа шықәса бырҭагылан, лажәа лмырҳәакәа иналымданы иара инациҵеит.
99,754
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Атехникум далган, агазеҭ Аԥсны ҟаԥшь аредакциаҿы аусура даналага, лассылассы икьыԥхьуан илахҿыхӡа, ицаҳәцаҳәо иҟаз, аԥсҭазаара ҿыц ашьақәырӷәӷәара иацхраашаз апублицситикатә статиақәа, ажәеинраалақәа, аочеркқәа, алитературатә рҿиамҭа дуқәа раԥҵаразы агәаҳәара иман.
82,574
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ашьыжь ицқьаны аа-сааҭк рзы иззырҳәаз аҟазацәа хҩык рмаругақәа дара еиқәшәшәа иаакылсит.
104,521
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ихьӡ рымҳәеит, исҳәом, дыҟоуп ус аӡәы, убри алаба, сыԥсҭазаара наӡаӡа ишьақәызҟьаз саазырхаз.
143,392
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ашыш Ашыш мкы гәара хыԥа абыцеи аҵәҩани рыла иҟаҵоу аанда-шшы.
142,192
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ҵабал абаахкыра дуи араатәи абаахкыра дуи ашәарҭақәа раан мцахарала ишеигәныҩуаз еиԥш, жәытәӡатә лашараки сареи иҿыцҳаҳараӡа ҳааигәныҩит.
142,961
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Издыруада, ари усгьы ахы даҩызан, иааҭгылара ихы иархәаны амшын иҽеиҭазар.
141,902
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аԥсҭҳәа ҟәашқәа аԥыларц рышьыжь шьха-нхыҵ уахынла рыԥсы аныршьо, акырԥ-кырԥҳәа ҽеимаак ашьҭыбжь аҵааршә иахыҩны игоит имҩашьо.
110,444
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Дук аамҵыцкәа дырҩегьых ажәабжьны еиҭараҳаит, аԥсҳа иҽыхәа иалыр-ныха ааигәара, нас уи анаҩсҟа џьара, ашьапы анкыднаҟьа убас аӡыхь ыҵхәраа иааиуа иалагеит ҳәа
120,268
glot500
Wikipedia
abk_Cyrl
Иқыҭаҽтәи аҵара даналга, 1927 шиқәсазы Н. Лакоба ихьӡ зху Ақәатәи абжьаратәи аԥсуа школ аитернат даанахәоит. Убри ашьҭахь, 1935 щықәсазы, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт дҭалоит, далгоит 1939 шықәсазы.
35,162
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Сериожа ихы-иҿы ҵаӷа, иԥынҵа хәхәа уҳәа, иоуразоуроу дцәыԥԥны, деиқәшәытаха дыҟан.
82,450
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Мап, абан, иқәшлааӡа иахьыҟоу ганла ираҵәан, лхагәҭа амзаҿеиԥш иқәу лыхцәы.
6,957
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Апоема Хашҭра зқәым абзиабара атемоуп изызку, аибашьратә ԥсҭазаара иадҳәаланы ауп ишааирԥшуа иара.
78,722
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аха знык ауаа рхаҿы ишьақәгылахьоу ҽа ситуациақәак рҿы иаабахьоу, ҽа фырхацәақәак рыла иаарԥшу, алакьысра аҭахымзар ҟаларын.
47,176
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уи макьаназгьы ишьараҿ дмааицзар ҟаларын, акы иоуҳәаргьы цқьа илымҳаҿы инеиӡомызт, ддагәаны дыҟан.
14,120
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Акзаҵәык ишәыхьзеи абааԥсы, аԥҳәызба лыжәла лҭаацәа ракәым аус злоу, дара ргәы еизцозароуп абзиабара ԥхьа игылазароуп, уи аган инаважьны, ҽакала ӡбашьа амам ҳәа разҳәаз Асҭан игәхьаа рымкит, изгәааит, аха аҿаҟны митәыкгьы рымҳәеит.
104,723
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Сыԥсадгьыл иқәымԥхарц аԥсымра, мариала самфарцаз маҭык, сгәы зырхаҵо гәыӷрак сымоуп, исықәҿызҭуа сымоуп мчык.
8,680
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аԥсуа қыҭаҿ еицааӡаз, еицызҳаз Смели Хьыкәыри рыбзиабара аибашьра ашьҭахь иаламгеит, урҭ бзиа еибабон аибашьра ҟалаанӡагьы, аха реицәхҟьара, аамҭала реицәыӡра иазмырхәашькәа, агәаҟрақәа ирылганы иааргеит, ирыхьчеит рыбзиабара
10,871
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уи ареволиуциахь, ақәԥарахь имба гаӡам, зегьы реиныршәара реинраалара зҭаху либералуп.
44,211
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Гәырҭ Гәадала иҩны мацара акәӡам, Ашәлашара зегьы мшгарҭас иҟауҵеит ҳәа наиаҳәаны, алақәа наишьҭаҳҵазҭгьы
29,744
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уаҟоуп Џьарымхани Рамзыци рынасыԥ анеиларҵа иахьыҟаз, уаҟоуп иара асаби дахьизгьы.
1,450
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Са сызҿу, ара уажә сызааирц исҭаху зеиԥшла ҳлитературатә гьама зынӡа илаҟәцәахар ҳәа сахьацәшәо ауп.
94,869
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Зураб Анчабаӡе илекциа абриаҟара сзазааҭгылаз, усҟантәи аамҭа иадкыланы уахәаԥшуазар, афилармониаҿы еизаз аԥсуаа ҳамацара ҳакәым, егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа зегьы рзы аартра ҿыцны иахьыҟалаз ауп.
139,026
glot500
Wikipedia
abk_Cyrl
Н. Бараҭашьвили. Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1947 шықәса (аизга иеиднакыло аҩымҭақәа рахьтә Д.Гәлиа иеиҭагамҭоуп х-жәеинраалак).
144,288
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Антикатә скульптурак гылоушәа, амра ашәахәақәа ахьиқәԥхоз ддырцырцыруа, ӡараҩахыс деилыхны, ихтыз ишьахәарқәагьы шшәыр-шшәырӡа, изшьапык иаԥхьаҟа иааиҵхны, егьи ишьҭахьҟа инаиҵганы, надаадашәа иҽырнааны, ихыци ихәымпали рхха икылԥшшьа уҳәа
111,202
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Асоциал-демократ Иаков дҭаркит, ари даараӡа ргәы иалсит изаҳаз анхацәа, игьхьымӡӷыршьеит, избан акәзар, уи дара дрысасын, насгьы иџьабаа ӷәӷәаны ирыдын.
136,354
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Шьоукгьы агәынамӡара рныԥшуа ирҳәеит, акомандаҟаҵаҩ иабаиҭаху аснаипертә хысга, уи зкыша афронт иаҿагылоу роуп ҳәа.
106,338
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иан шьыжьы инаркны хәлаанӡа дкәыкәыцыкәуа акы данаҿымыз ыҟаӡамызт, хҩы ԥацәа рааӡара ус имариазма.
85,742
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иҵуазеи акәым, ус еиԥш иҟоу шҭа ҭбаа-ҭыцәк аҿы зныкыр рызхара ихәмархьоумашь?
81,677
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Абзырбзан ма атанк хыслааит ҿааихак амаӡамкәа, иахькаҳауа аӡә дашьып, дамшьыргьы ауаа аршәап, арахь игәаӷьны иҳақәымландаз ҳәа ҟаҵаны.
89,139
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ааԥынтәи амырхәагеи ашәҭқәа рыфҩи идыр ҿыхаз ашьхагәараҟны ашьхақәа шеилысуа еиԥш акәан абри абнаҿы аҵарақәа шеилысуаз.
10,169
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ихадароу атом аиқәыршәашьа ахаҭабзиарақәа акырӡа иахьеиҳау, иахьҵоуроу, ҳпоет ду иажәеинраалақәеи ипоемақәеи уаанӡатәи реизгақәа зегьы раасҭа акыр ихаҭәааны иахьыҟаҵоу ауп.
9,232
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иара дхаҵан, ихьлакгьы ауан ма ихигарын ма изихгарымызт дзықәшәаз, аха Ели.
3,425
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аҳауа акәзар убас еилыхха иҟалеит, агәыр умпыҵшәан икашәар ахьеиҩбжьы уаҳартә, ухы шьҭыхны ажәҩан уаҵаԥшыр, иара мыцхәы ишыҳаракызгьы, ҵәҩанҵәыҟа хараӡа уагәылԥшны аеҵәақәаҵәҟьагьы убартә еиԥш
55,069
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ус сҳәеит ҳәа, уи шьҭа дхәу ҷума, аҷкәынцәа ааҵра иҵаргыланы ишлымоу, ахьҭа иар ганы рԥаҵақәа ашьашьалқәа ҟарҵоит.
2,610
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Данааҩнала аҭаҳмадцәа шанхеит, иҩагылеит ҳәа Гомер иззиҳәаз, Троиантәи аибашьра зыхҟьаз Елена лыԥшӡара инаркны, иахьа уажәраанӡа ашәҟәыҩҩцәа азхьуеит ауаҩы иҩныҵҟала иԥшӡара.
131,681
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Убасҟан акәзаргьы ҟалап, раԥхьаӡа акәны, уи аԥҳәыс лахь имаз ацәанырра анцәырҵызгьы.
57,831
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иахьа аԥсышәала иҭыҵуа ашәҟәқәа зегьы даҽа бызшәак ахь еиҭоугартә иҟам.
2,257
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Гагьачгьы азнаказыҳәан даҽаӡәы иникыланда, егьинда ҳәа иҽирххеит, аха аԥшәма иӡбахә аниҳәах шьҭа мап изкуазма, ашьҭахь даалаган, аныҳәаҿақәа рынкылара иҽыназикит.
130,533
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ашәлашараҟа амҩа дықәлаанӡа ӡбатәыс, еилкаатәыс илымаз лусқәа аки-аки, дшымгәыӷӡоз ала, аҭаҳмада иажәабжьуасиаҭ, ашьҭахь, еидҳәалахеит.
81,333
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Лара дцан, ргәылаӡӷабцәеи ргәылаҷкәынцәеи лықәлацәа зегьы иралҳәеит, уаҵәы Аҟәаҟа сыргоит, ашкол сҭарҵоит ҳәа.
141,289
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Амала иара ҵарык, еилҟьак иакәын, аха аӡәы дааидкыланы дшьақәзырхашаз, уаҩы димамызт
20,745
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ус анакәха, уабду ихьӡ ухьӡзааит, имаҭара уаԥсахааит, Аԥсҳара ныҟәугартә Анцәа илԥха-игәыԥха уцзааит
57,351
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ихәыҷра иатәыз, дзызхьуаз иаҟазшьамзаргьы, агәы аҟнытә иаауа илаӷырӡ агәра инаргоит аԥхьаҩ алирикатә хаҿсахьа гәзызҭоу, зуаҩра цқьоу аӡә шиакәу.
114,644
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аха иҟам, иҟам, сыгәра га, уара узыцәшәаша, узлаҿалкуа ҳәа апринцесса илымоу лхаҭа хьымӡӷ лнамыргар ауам.
12,751
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Изуазеи, уара, сабацәа раԥсуара хсыркәшартә, аа, жәохәҩык смаҭацәа абгалаџқәа реиԥш, иҿабӷ-ҿабӷӡа иахьгылоу!
64,128
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Дыҟан аԥҳәызба зани заби рҵас хьанҭақәа, рыхӡыӡаарақәа шьаҿак лмырҟаҵо, уадыхәҵас изыкәшан иарбаандаҩуаз, уажәы, ма аамҭала дахьрымпыҵыҵыз деигәырӷьаҵәа, лгәи лцәеи-лжьи ишырҭаху аӷәра роужьны, рыԥсы длыршьарц зыӡбаз.
135,373
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ҽнак ачад-иԥа Чамаз мҩакы дықәлан дышнеиуаз акәымкәа ала змамыз дибеит.
126,576
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аԥсшәа зымҳәо рахь изышәымҳәозеи аԥсшәа, Ашҭаҿ ма ачараҿ, Уи, ҳанацәа рашәа, Ҳԥацха аҿаԥараҿ.
119,566
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Анцәа ҳаиԥшимтәырц иҭахызҭгьы, ауаҩытәыҩса ибызшәала ицәажәаларын ҭауади-аамысҭеи заҵәык, урҭ ԥшьба-ԥшьба бла рымазаарын, ҩба-ҩба рҭыԥан, убас иҵегьы, ҳара ҳакәзар, рахәҵас ҳхәааларын, лаҵас ҳшларын, ҳәаҵас ҳӷәырларын, ҳагьныҟәаларын ԥшьынаԥха!
56,562
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ҩбагьы, уи иҳанаҳәон ҳара дзаҳзаԥхьаанӡа изныкымкәа ишхиҩылааз, аус шадиулаз, иааилышьны ишнеимгаз.
114,142
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Алабыҵәқәа реиԥш ихаххала илывахеит егьараан аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, араса, сзыркхьаз ларӷьа нацәкьарақәа.
144,124
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ашықәсқәа ааныжьны инеиуеит бсахьа, иацы иҿыцны иҭырхызшәа, уи зегь раԥхьа иҭызхыз ԥыхьа, биртәеит бырхәыцны бхихызшәа.
133,928
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Алапҟьа иаҳаргон уи ашкол ахь ҳаннеиуаз, алапҟьа иаҳаргон, ҳхынҳәны ҳанаауаз.
93,843
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Сара сҩызцәа-апартизанцәа рҿаԥхьа сгыланы иҟасҵаз аҭоу ба шҵабыргиашоуала снапы анысҵоит, сыԥсы ҭанаҵы еилазга-рангьы сыҟам.
140,296
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Егьи, ажәылараҳәа иҽызцәихьчо, абылра зыхҟьаз аилкаара, ахара зду иҭакԥхықәра акәын.
106,103
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иԥсы мыжда ихыҵаанӡа днарылыргеит амца шыра, ас ацәгьара аынҟала, аҩ-ырк Хымш патла ҟарҵеит, ар еиԥхьатәеит наҟ-ааҟ, аибашьрагь ааихсыӷьт!
32,079
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Саша игәы ҩышьҭԥ ан, даагаз-ҽазит, нас иблақәа акаҭа еиԥш акы аархаҳалан, акласс зегьы еила-шьыхаа, ихәашьӡа днҩнаԥшит.
67,026
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ашьҭахь аҭаацәара даналала ихылҵыз иҵеи заҵәгьы Қьалышь хаҭала дзыхьчоз ар дырхыԥхьаӡалан.
14,559
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ани аҭакәажә ԥыҭрак ҿымҭӡакәа дихәаԥшуан, нас лыбжьы рдуны ҿаалҭит уи лхы наиқәкны
60,046
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Схаҵа бзиа иибо лҿы дыҟоуп, нас избап бзиа избаз са сҿы дзыҟам?
2,054
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Абас, Ҳамыҭбеи Чачба мызқәак рышьҭахь аурыс еинрал Мзымҭа аԥшаҳәаҿы илымшаз аинаалара иара имҟәыҵаманшәалахан ианыҟала, анаместник иҿаԥхьа иаҳаҭыр шьҭыҵышт, аџьшьарагьы иаушт усҟан.
84,694
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иҽынҭаршәны уи ақәырҳәы аҟынӡа даннеи, дыҭрысны дандәықәнагала, иаразнак ишеиҩҵәатәыз агәра игеит.
30,546
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Сусҭар, уи бзиоуп, аха, удинаныс, уажәшьҭа исеилыркаа, иаалырҟьаны усыдҵаалартә агәаҳәара узҭаз арбану?
34,865
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Данамыхәаӡа, ԥыҭҩык ахьырԥарцәа, аилҟьа-ӷәӷәақәа ааидкыланы, дцаны, мчыла иахырҳәаз аурыс аҳ иеинрал Деникин диҿцәажәаны идивизиа далалеит урҭ иман дааны Аԥсны ахы иақәиҭитәырц
108,340
glot500
Wikipedia
abk_Cyrl
Астерилизациеи арыцқьареи «иаԥсамыз» ирзырхаз даара рҽазҵәылхны иашьҭалеит. Ичмазаҩцәаз, ариитәи араса иаҵанамкуаз, акрызмамыз, ирыцҳаз, зхала иҟаз анацәа, ахшарарацәа змаз, ацыганцәа, ауриацәа, зхымҩаԥгашьа ҽеимыз ауаа, иара убасгьы ахацәа згәазыҳәарақәа реиқәыкра уадаҩыз зегьы астерилизациеи арыцқьареи иахрыжьуан. 1935 шықәса инаркны 1976 шықәсанӡа ибжьанакыз аамҭахәҭазы мчыла астерилизациа зызуз ауаа рхыԥхьаӡара наӡеит 63-нызқьҩык рҟынӡа. Ари аус аанкыларазы, еиҳаракгьы Ниурнбергтәи апроцесс ашьҭахь, ашведцәа арҵаҩцәа нацистцәаны, ицәгьоуцәаны ианазхарҵа нахысгьы, ари аус аанкыларазы иҟаҵаз егьыҟамызт, ирыԥсахыз азакәан акәмызт, ара ирыԥсахит аинститут ахьӡ заҵәык. Абас ала, астерилизациа амҩаԥгара Швециа азеиԥш ҿиара апрограмма иахәҭакхеит, ари аус аҟны аҳәынҭқарра ишиашоу атәылауаа рҭаацәаратә ԥсҭазаара ахы аланагало иалагеит. Ас еиԥш швециатәи адемографиатә модель идеологцәас иҟалеит хаҵеи ԥҳәыси Альвеи Гуннари Миурдальаа, дара ауаажәларразы ихәарҭамхоз алахәылацәа астерилизациа рзура иадгылон.
95,406
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Раԥхьаӡа данаԥхьа, Аԥсны аҭоурых аҭҵаара азыҳәан мацара акәым, Кавказ зегьы ажәытәра аилкааразы лагаламҭахоит удиссертациа ҳәа схы еилеигахьан.
8,236
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Дҵаауеит Машьыхә, ари илымҳа ишынҭасыз еиԥш, иаргьы иреиҳау ҳәынҭқаррак алахьынҵа инапы ианушәа.
28,081
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Афашистцәа ахысра ианалага уи зны дҳәазауа, зынгьы ишьамхқәеи инапашҵақәеи дрықәгыла дмыццакӡакәа днеиуан.
41,952
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Зегь улахәмаруан, укуа-ушьҭуа, ҭаха урҭомызт, арахь уара уан лахь акәын иахьуҭахыз аиҵарҟәаҟәа бзиа иубон.
66,962
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Дызусҭазаалкгьы ашәҟәыҩҩы, иара игәы иҭыхо аԥхьаҩгьы ицаҳәцаҳәо игәы ианҭала, нас уи инеигӡеит ауп ихықәкы.
85,609
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ҳныҟәап, нас, ҳаибадырны, ҳаигәныҩны, имырҳауҳауцәакәа, ҳара ҳгәыӷра ус ишгәыӷроу иаанымхартә, ҳԥеиԥш шәарҭамхартә!
81,603
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уарчхан дгарыгаҽо аԥацхахь лҿыналхоит, аха дкаҳауашәа анылбалак, аԥацха аҭӡамц лыҽнадҵакы дааҭгылоит.
62,382
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Игәы насырӷәӷәазшәа ныҟасҵеит, аха саргьы схы-сгәы ԥшаауан, ҳнеибаргәыбзыӷшәа чамсҟәылк-чамсҟәылк ауараш аажәит.
136,195
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ҳара ҳиааира шәамеи гәырӷьеит, ҳтанкқәа Аҟәа ианалалоз, агырқәеи ақырҭқәеи реиԥш ашәҭқәа шәыман шәаҳԥымлеит, ҳахьтәоу, аԥсуа бандитцәа рҟынтә шәахьыҳахьчо ҳхәы ҟаҵаны инажәгом ҳәа, ааӡабҵәҟьа рзааргоит.
108,445
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Еидара хьанҭак дшаҵамыз ихы агәра аиргарц даҿын Сафер, аха иауамызт.
128,100
glot500
Wikipedia
abk_Cyrl
Нанҳәамза́ 31 (Нанҳәамза́ ҩажәи́ жәе́иза), Áвгуст 31, На́нҳәа 31 — григориантәи амзар 243 тәи амш (244 тәи амш ашықәс ду ала) ауп. Ашықәс анҵәамҭанӡа иаанхоит 122 мшы.
41,258
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Акәытқәа, аӡыԥсы рхьыкәкәа, ацалаҟьа иқәтәан, ацаҵаҟа ихырқәақәо еилагылан, абжакгьы ҳаҩны аҵаҟа иҵан.
67,793
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ус анакәха, уажәы сызлацәажәо азҵаатәқәа, уҳәан-сҳәанла исаҳазар акәымкәа, хаҭала сызлахәыз, избаз, исаҳаз роуп.
34,758
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Арахь ргәылара акәзар, иаҳәшьа Џьарымхан дзызҳәаны дтәаз абулгарцәа раҳ дааҟәымҵӡакәа дмақаруеит, макьана иигәаӷьран иҟоугьы уаҩы издыруам
47,846
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Виқтор Ҭахәыц-иԥа изнапык шьҭыхны ишикыз, егьи инапала иеиқәа амаҟа ааԥиртлеит, иеиқәа наишьклаижьит, маҟҿаҳәаранахыс ҵаҟа иҽанааилих, ирмақаруа Сафер иикыз атапанча ахы дҭаԥшуа, ашьшьыҳәа наҟ даанаҳәын, изқәа Сафер иеирханы дынхырхәеит, изнапык ала уи ихы ашьҭахь атапанча адкыланы, егьи инапала иеиқәа аҿацә ааиртлеит Сафер.
73,413
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иаарҳәума зегьы уаблыртә ахьшәашәа цоума, аца хьшәашәаӡа лхы иаҵоума ԥҳәыск?
32,269
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Зны, изыхҟьа-зынԥа ҳәа сзымдырӡо Борис Бигвава сааԥхьижәан Бигвава ҳәа зыҩуа аԥсуаа рыжәла еицаркт, рыжәла жәытә-натә аахыс ишыҟаз еиҭамкӡакәа ирҩырц рҭахызар, Ҭырқәтәыла инхо, шәышықәса зҽадызкылахьоу, аԥсуаа шәҵарауаҩ ду Омар иҿыԥшааит, ижәла Бегәаа ҳәа ауп ишиҩуа.
112,649
glot500
Wikipedia
abk_Cyrl
Асерб бызшәа () — Сербиа аҳәынҭқарра бызшәас иамоуп. Славиан группа, индо-европеитә ажәла иреиоуп.
35,885
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ақырҭцәеи аԥсуааи ҳаидгыланы аурысцәа ҳарҿагылап ҳәа Қарҭынтәи иааз ишьҭырхыз рлозунг аԥсуаа задымгылт, ирыдрымкылт.
121,639
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аҟәа ааигәара дааихьан, данԥшы, хараӡа амшынгәы хырҩаԥшьаа рмызгәыҭқәа хаххала ааскьара ишаҿыз ибеит асулҭан еибашьыга ӷбақәа
105,635
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аҳ, Кәымпыл ача анынҵәа, аишәа дықәсуан ҳәа, уажәшьҭа иабаҭаху аҳәара.
75,490
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Удыррақәа, уԥышәарақәа рацәоуп убарҭ роуп ҳара ҳзышьҭоу, иаҳҭаху иуҳәауеит ажәлар зегьы.
52,654
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Адунеи самкуа сықәхеит, сгәы саԥыст, исмоуӡацшәа сҟалеит бзанҵы агәала, сыԥсҭазаара аамҭала!
126,609
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Моумоу, уи дызҵашьыцуа егьырҭ амилаҭқәа, ҳара ҳаиҳа дыррала верск ҳаԥхьаҟа игылоу роуп.
131,141
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аӡыблара саанахәан, срылоуп хьаҵшьа ззымдыруа ицо, исоурангьы сыҟаӡам ԥыла, субом уа џьаргьы скәараҵо.
123,414
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аҳ Пыта иҟаиҵаз ақәылара, макьанагьы иагьқәҿиарамкәа, иагьиааирамкәа аҭагылазаашьа ахьыҟалаз аҵыхәала, илиршаз цқьа игәы азҭамызт.
26,812
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иџьымшь ԥшӡақәа кахәхәа, аиқәара аазхыҩуа ихы-иҿы ԥшӡа аҽеиҭакшьа уҳәа, ателехәаԥшраҿы иаабахьоу ицәажәашьа ԥшӡа уажә ас ҳахьазааигәаз ҳҭагылазаашьа џьашьатәшәа иҟанаҵон иаҳбоз агәра ҳазгомызт.
57,689
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Арҭ асимволтә ҟазшьақәа рыла иаарԥшу ахшыҩзцарақәа, идырҵаулоит ароман Ахамышҭыхә афилософиатә ҵакы, иҳараркуеит асахьаркыратә напҟазара.
35,329
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ҳзықәшәазеи, уара, жәа-мааҭк мышкы измоу, шә-мааҭк иҭахуп, шә-мааҭк мышкы изауа, зықь-мааҭ иҭахуп, акы аарызхом, инаишьҭеиҳәеит Михаил Петрович.
39,407
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Хьҭак шәыцәилалара шәыҟоуп, Очамчыраҟа дахьыжәго, амш даара ихьҭоуп, ашьа аҿыҵуеит, нациҵеит Џьанҳәаҭгьы, Чқмыжә днаиабжьашәа.
57,565